Арадио

Амҷба Очамчыра аҵарашықәс алҵшәақәа рзы: хар амам

Sputnik
Сынтәа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи иҭышәынтәалан аҵаратә процесс нарыгӡаразы иабанӡаманшәалаз, аҵарашықәс алҵшәақәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба.
Сынтәа Очамчыра араион аҟны азеиԥшҵара хдыркәшоит 140-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа, ихарҭәаам абжьаратә школ иалгоит 198 ҩык ҳәа иҳәеит Амҷба.
Ашкол аушьҭымҭацәа 140- ҩык рҟынтәи ааҩык иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь иҭалахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара иазгәеиҭеит аҵарашықәс хар амамкәа ихыркәшоуп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.