Аҵарашықәс хзыркәшо аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гоит иахьа ашколқәа зегьы рҿы. Гәдоуҭа араион аҿы аҵарашықәс шыхдыркәшо, шаҟаҩы аушьҭымҭацәа рымоу, аҵара аус аҿы реихьӡарақәа зеиԥшроу, рышколқәа ирҭагылазаашьоу, арҵаҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа.
Сынтәа ажәеизатәи акласс иалго ҩышәи ԥшьынҩажәи ҩыџьа ыҟоуп Гәдоуҭа араион аҟны, ҵыԥх иаҿырԥшны ҩынҩажәаҩык рыла еиҳауп, иҳәеит Ҳаразиа. Араион аҟны ахьтәы медалла ашкол иалго ыҟаӡам, аха жәаҩаҩык аушьҭымҭацәа зҵара бзианы ихзыркәшо роуп. Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" аҟны зхы бзианы иаазырԥшыз 26 ҩык араион аҟынтәи аушьҭымҭацәа иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иаднакылеит, иҳәеит Ҳаразиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.