Бзыԥҭа ақыҭан инхо Хьыма цколиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, илааӡо ахәыҷқәа ақыҭа аԥсҭазаара абзиабара шыдлыркуа, уи иахьынӡамароу дара, насгьы ааԥын аамҭазы рнапы злаку аусқәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.