Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аҟәа аремонттә усурақәа шцо гәеиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи зыхә шәаны еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа рыргылара шцо еицгәарҭеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа абиуџьет аҟынтәи зыхә шәаны еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа рыргылара шцо гәеиҭеит асабша, лаҵара 25.
Арӡынба имҩаҿы 800 метра иҟоу амҩа ахәҭаҿы асфальт ҿыц ақәҵара иаҿуп. Апроект ахәԥса 50 миллион мааҭ иҟоуп, урҭ рахьтә 10 миллион мааҭк аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп.
Аусурақәа ҩымчыбжьа рыла ихыркәшахоит, амш рԥырхагамхар
Иара убас Ҳараниа имҩа инаркны Титов имҩанӡа акоммуникациақәа рыԥсахра шазгәаҭоу иҳәеит Ешба. Абарҭқәа ирыбзоураны Аҟәа агәаны амашьынақәа рныҟәара еиҳа имариахоит.
Уи адагьы, Аиааира амҩаҿы ацҳаи амҩеи аремонт рызун. "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ари аус иазырхан 9, 2миллион мааҭ. Амҩаҿы арматура еихаԥсаны иқәҵан, 15 сантиметра иҟоу абетон ақәырҭәан.
Беслан Ешба инаҵшьны иҳәеит ари амҩа Аҟәа хадара зуа ишеиуоу, уи ианыланы ауп Ажәытә ҳаблахь, аџьармыкьахь, Алашарбага аҳаблахь ауаажәларратә транспорт шныҟәо. Аҭыԥантәи ауааԥсыра уи агәынамӡара рзаанарԥшуан.
Бжьаниеи Ешбеи иара убас иаҭааит Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу ахәыҷбаҳча "Аԥра". Уа аиҵбыратә гәыԥ азы ахԥатәи акорпус аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Ахарџь - 5,3 миллион мааҭк инареиҳаны. Уи иазԥхьагәанаҭоит акапиталтә ремонт адагьы, акоммуникациақәеи афымцамҩангагақәеи рыԥсахра, арԥхагақәа, аҳауархьшәашәагақәа рықәыргылара.
Уи ашьҭахь даҽа ҩ-гәыԥк рремонт аҟаҵара иалагоит. "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит 150-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, иара ргылан 1950 шықәсазы.
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа сынтәа 110 шықәса ахыҵуеит, уи ргылан 1914 шықәсазы, аремонт 1960 шықәса раахыс ҟарымҵацт.
Асҭамыр Ԥиԥиа ишиҳәаз ала, 8,2 миллион мааҭк агоит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа адкыларҭа аремонт, арентген-уада - 3,5 миллион мааҭ, даҽа милион мааҭк инеиҳаны иагоит асанитартә уадақәеи ауаа ахьыҵагылаша ахыби.
Аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба иазгәеиҭеит Ақалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, макьана аусутә рацәоуп, ахыб аԥсахрагьы налаҵаны, убри аан аргылара архитекатура еиқәырханы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иара убас игәеиҭеит Аҟәатәи ашьхаҿы ицо аусурақәа. Уантәи ақалақь уахьалаԥшуа аҭыԥ аҿы 325 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс рыԥсахит. Уи иақәхарџьын 2,5 миллион мааҭ рҟынӡа.
Уа еиҭашьақәдыргылоит аӡыршәгьы. Асҭамыр Ԥиԥиа ишиҳәаз ала, иара уаанӡа ишыҟаз аԥшра еиқәырханы иҟарҵоит. Уи иазоужьхоит 3,8 миллион мааҭ.
Иара иажәақәа рыла, акоммуникациақәа ԥсахуп, акәша-мыкәша зегь рыцқьоуп, ирԥшӡоуп. Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит ахылаԥшыга камерақәа ықәдыргыларц.
Агәаҭара ахыркәшараан Аслан Бжьаниа Беслан Ешба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит хылаԥшра зиҭо аусурақәа рзы. Иара инаҵшьны иҳәеит Аҟәатәи ашьхаҿы имҩаԥырго аусура атәыла ахадара ҷыдала ишазнеиуа, уи аҵак ду шамоу.