Аԥсны

Аоперациа ҷыдаан иҭахаз ахәыҷы рацәа змоу Урыстәыла аруаа рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Арратә операциа ҷыдаан иҭахаз ахәыҷы рацәа змоу Урыстәыла аррамаҵурауаа рҭаацәарақәа Пицунда рыҧсы ршьоит.
Калугатәи аобласт аҟынтәи аделегациа дырҧылеит Аҧсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Зынӡа иааит быжь-ҭаацәарак.
Ахәыҷқәеи, рҭаацәеи, Калугатәи аобласт Асоциалтә џьа аминистрра ахаҭарнакцәеи рыҧсшьара ахә ашәоит акурорт "Пицунда".