Арадио

Ашәԥҳа ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы: ишахәҭо иҟазароуп

Ақалақьтә хәышәтәырҭа аневрологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы ахыбраҿы ицо аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахҳәаа рылҭеит, ахәшәтәырҭа иахәҭоу аԥҟарақәа изрықәымшәо еиҭалҳәеит.
Sputnik
Аҟәа абиуџьет аҟынтәи зыхә шәаны еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа рыргылара шцо гәеиҭеит Атәыла ахада. Зеиҭашьақәыргылара иаҿк ахыбрақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа. Амедусҳәарҭа адкыларҭа аремонт иақәхарџьхоит 8 миллион мааҭк.
Ашәԥҳа лажәақәа рыла, ахәшәтәырҭа аҟәшақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеижьҭеи акыр шықәса шҵуа. Аневрологиатә ҟәша иаднакылоит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтә ачымазаҩцәа. Иааидкыланы 60 ҭыԥ роуп иҟоу. Зны-зынла аҭыԥ аназымхогьы ыҟоуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәԥҳа.
"Ачымазаҩцәа рыдкыларазы аҭыԥи аҭагылазаашьа бзиеи ҳамаӡам. Ауадақәа ҭшәоуп. Ԥшь-ҩык ахьышҭоу изеивысӡом. Ари аҭагылазаашьа ачымазҩацәагьы агәынамӡара рызцәырнагоит. Иара убасгьы иҟаӡам амаруга хада - атомограф. Уи ада ачымазаҩ ихьуа аилкаара ииашаӡам. Ачымазаҩ данаанага ҩ-сааҭк рыҩнуҵҟа ихьуа еилкааны ихәшәтәра ҳалагароуп, уи азы иаҭаху ала ҳаибыҭазароуп", -лҳәеит Ашәԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.