Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Нетаиловои ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Нетаиловои, Харьковтәи аобласт аҟны — Ивановка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аруааи артиллериеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла уахыки-ҽнаки икарыжьит УАМ аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба. 114 раион рҟны иҭархан арратә техникеи аибашьцәеи.
Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчагақәа HIMARS хгәыцәк ԥыржәеит, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 603, авертолиотқәа 274, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 24700, азениттә ракетатә комплексқәа 524, атанкқәеи еиуеиԥшым аибашьыга атехникеи 16172, артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи 1318, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 22027.