Арадио

Кавказ артистацәа "Шолохов иааԥын" аҿы рықәгыларазы: иаҳзыԥшу рацәаҩуп

Sputnik
Аҧсны жәлар рыкәашара ансамбль "Кавказ" ықәгылеит есышықәсатәи алитература-фольклортә фестиваль "Шолохов иааҧын" аҿы. Афестиваль мҩаҧысуан Ростовтәи аобласт лаҵара 24-26 рзы.
Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Кавказ” адиректор, абалетмеистер, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарбеи, ансамбль акәашаҩ Рада Барганџьиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит уи шымҩаԥысыз, ансамбль агастрольтә плани ртәы.
Омар Ҭарба иажәақәа рыла, афестиваль еизнагеит Урыстәыла зегьы аҟынтә аколлективкәа рацәаны, урҭ реибабара, реибадырра акырӡа аҵанакуеит артистцәа рзы. Иара еиҭеиҳәеит, ахәаԥшцәа ишрыдыркылоз асценахь рцәырҵра, насгьы атәыла анҭыҵ рықәгылара ирзацу агәыхыҭхыҭра.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.