Аԥсны

Думаа Сергеи Багаԥшь изы: иуаҩышьа бзиан, аԥсуара бзиа ибон

Sputnik
13 шықәса раԥхьа, лаҵара 29 2011 шықәсазы, 63 шықәса дшырҭагылаз, Москва ахәышәтәырҭақәа руак аҿы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Уи иуаҩра, иусушьа зеиԥшраз, иуаажәлар дшырзыҟаз, иара убас ҭоурыхтә хҭысқәак дрылацәажәеит акыр шықәса аус ицызуаз Аԥсны Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.