Аԥсны

Путин Урыстәылатәи арратә базазы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрахь аԥсахрақәа дрықәшаҳаҭхеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара урыстәылатәи арратә базазы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы Аԥкаанҵа анапаҵаҩра ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит.
Ахада Атәылахьчара аминистрра анапы ианиҵеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра алархәны аԥснытәи аган иаҿцәажәарц, реиқәшаҳаҭра ашьҭахь аԥснытәи агани урыстәылатәи агани аԥкаанҵа рнапы аҵарҩырц.