Аԥсны

Возԥҳаи Инаԥшьԥҳаи "Арт-резиденциа "Гәыма" алҵшәақәа ртәы еиҭарҳәеит

Sputnik
Апроект "Арт-резиденциа акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны аусура хнаркәшеит. Лаҵарамза иалагӡаны ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа, апоетцәа, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа знапы рылаку аҿар алшара рыман рхы аадырԥшыртә, рнапы злаку аусқәа ӡырыргартә еиԥш. Раԥхьатәи аԥышәа аиҿкааҩцәа хәшьарас иарҭо, алахәцәа рзы уи ахьынӡахәарҭаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Акультура-усутә платформа "Гәыма" анапхгаҩы Хьыбла Возԥҳаи Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны ахәынҭқарратә еилакы аиҿкааратә ҟәша аспециалист хада Алиса Инаԥшьԥҳаи.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.