Аҟәатәи аҳәынҭқарратә индустриалтә коллеџь сынтәа шаҟаҩы алго, аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа анарҭо, аколлеџь аҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы азанааҭ ҿыцқәа хәа акыр алагалоума, иаҳа изызҿлымҳау азанааҭқәа, аҵара ашьҭахь аушьҭымҭацәа рхы ззыркуа аусқәа арбану, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа.
Иазгәалҭеит сынтәа аколлеџь аушьҭымҭацәа 68-ҩык шыҟоу, абжеиҳараҩык рҵара бзианы ишхдыркәшо.
"Асасааирҭа аус" ала сынтәа 20-ҩык алгоит; "Аекономикеи аҳасабеилыргареи" латәарадатәи аҟәша аҟынтәи хәҩык, избанзар иҟоуп арра ицаз, аҭыԥҳацәа аҭаацәара иалалаз; азанааҭ "Аменеџьмент" сынтәа актәи аушьҭымҭацәа роуп, 10-ҩык ыҟоуп; "Амашьынақәеи атехникатә маҵзуреи рремонт" азанааҭ аҿы 22-ы аушьҭымҭацәа; "Ахыбрақәа рыргылара, аргыларақәа рхархәара" азанааҭ аҟны 11-ҩык ыҟоуп", - лҳәеит Габлиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аколлеџь аушьҭымҭацәа рзанааҭ ала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳа аусурҭақәа рыԥшаауеит. Сынтәа аколлеџь иҭалар зҭаху ашәҟәқәа аларҵар рылшоит ԥхынгәы 1 инаркны нанҳәа 20-нӡа ҳәа лҳәеит Габлиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.