Арадио

Ҷолариа Гәлиа иеиҭагамҭоу Евангелие ахкьыԥхьаа аҭыжьразы: агәырӷьара дуӡӡа ҳԥеиԥшуп

Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Дырмит Гәлиа иеиҭагамҭоу Евангелие ахкьыԥхьаақәа аҟаҵара ахыҭхәыц шизцәырҵыз, уи ҵакыс иамоу аԥсуа периодиказы.
Sputnik
Евангелие ахкьыԥхь аҟаҵара Ҷолариа игәы иҭаикит 2006 шықәса рзы Санкт-Петербург акультуратә форум даналахәыз.
"Усҟан ҳаҭааны иаҳбеит амилаҭтә библиотека. Уи асовет аамҭазы, иара уи аԥхьагьы, хымԥадатәны иҟаз аекземплиарқәа зауаз библиотека хатәран. Аибашьра аан ааха ӷәӷәа аҭан ҳпериодикатә кьыԥхь. Еиқәхаз 1935 шықәса рынахыс иҭыҵуаз роуп, уаанӡатәи аномерқәа уа ишьҭан. Аекскурсиа амҩаԥгаҩ ислырбеит акаталог аԥсуа ҭыжьымҭақәа рҟынтә ирымоу, убра иҷыдоу аҟәшаҿы избеит Евангелие 1912 шықәса рзы иҭыжьыз, усҟан аполиграфиа зегьы иреиӷьыз Санкт-Петербург акәын иахьыҟаз, иреиӷьыз ақьаад ала, аԥшшәы аҭаны, алатинтә графикала аԥсышәала ицәажәоз ашәҟәы збеит. Иара Урыстәыла аҳ изы аҳамҭатә ҭыжьымҭаны иҟан, ус еиԥш еиҭа 11 шәҟәы ҭыҵит. Аԥсны ус еиԥш Евангелие еиқәырханы имоуп Аб Бассариан", - ҳәа иҳәеит Ҷолариа.
Ироуз аелектронтә версиа ала ашәҟәы аиҭашьақәыргылара ихахьы игеит астудиа "Артель" анапхгаҩы Даур Гәымба. Агәырӷьара дуӡӡа ҳԥеиԥшуп, уи Евангелие ианкьԥхьха, ҳәа наҵишьит Ҷолариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.