АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Хымԥадатәи атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҟны хаҭалатәи аҳасаббаразы" азакәан.
Азакәан апроект цәыригеит адепутат Леонид Лакербаиа. Иара иажәақәа рыла, азакәан адкылара иабзоураны еилкаахоит аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара.
Аԥсны аҵакыраҿы аус зуа дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ, аҳәаанырцәтә тәылауаҩ, иара убас тәылауаҩра змам ахаҿы аԥгаԥса изыҟаҵазароуп — досу изаԥҵахоит есымшатәи аԥгаԥсатә номер змоу ихатәы хаҿытә ԥхьаӡамҭа.
Азакәан амч аиуеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.