Аԥсны

Аԥсны рашәарамзазы урыстәылаа аԥсшьаразы иалырхуа ахырхарҭақәа ираԥхьагылеит

Аԥсшьарҭақәеи апартаментқәеи рҿы аонлаин-ҿаҵарақәа амаҵзура аспециалистцәа аҿаҵарақәа анализ анырзыру, еилыркааит аҳәаанырцә амшын аҟәараҿы аԥсшьара рҭахуп 80 процентов рыла еиҳаны ҵыԥх аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны рашәарамзазы зхала аныҟәара бзиа избо урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аԥсшьарҭатә хырхарҭақәа ираԥхьагылеит.
Аонлаин-ҿаҵаразы амаҵзура Ostrovok. ru ишаҳәо ала, Аԥсны рашәарамзазы аԥсшьараз иҟаҵоу аонлаин-ҿаҵарақәа ииасыз ашықәс иаҿырԥшны хынтә еиҳахеит.
Аҳәаанырцә ҿаҵарақәа рымҽхак аҿы ареспублика 7 процентк рҟынтә 13% рахь ииасит.
Еиҳа иалыркаауа жәа-ҭыԥк ирыҵаркит: Ҭырқәтәыла, Таиланд, ОАЕ, Бырзентәыла, Египет, Виетнам, Кипр, Малаизиа, Мальдивқәа.
Мальдивқәа зегь раасҭа ахәқәа ҳаракуп — бжьаратәла уахыки-ҽнаки аԥсшьараз ишәатәуп 37,4 нызқь мааҭ, Кипр — 11,3 нызқь мааҭ.
Аԥсны акәзар, уахыки-ҽнаки аԥсшьара иахшәаатәуп 5,3 нызқь мааҭ. Малаизиа — 4,9 нызқь мааҭ.