Урыстәыла

Урыстәыла "Северные потоки" аҿы атерактқәа рзы азыҳәақәа азнархиеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Урыстәыла Апрокуратура хада Еиду аштатқәа, Германиа, Франциа, Кипр рахь инанашьҭит азыҳәа-цҵақәа "Северные потоки" аҿы аҭыԥ змаз атерактқәа инарыдҳәаланы.
Арҭ атәылақәа русбарҭақәа атерактқәа ирзыҟаҵаз аԥаразоужьра амҩаԥгара ҭырымҵааит, Германиа акәзар, Урыстәыла аус ацуразы жәларбжьаратәи ахыдҵақәа нанагӡом ҳәа рҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрокуратура хадаҿы.
Убри аан арҭ атәылақәа зегьы жәларбжьаратәи атеррористҿагыларатә конвенциақәа ирылахәуп.