Аҟәа араион аҟны ашколқәа жәаба ыҟоуп, ажәеизатәи акласс иалго аушьҭымҭацәа ҩажәаҩык роуп зынӡа иҟоу, лҳәеит Сарсаниаԥҳа. Ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа аԥышәарақәа арҭоит арҭ амшқәа рзы. Ажәбатәи акласс иалго аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара Аҟәа араион аҟны 45 ҩык ыҟоуп. Иахьазы ирымоу асиақәа инарықәыршәаны сынтәа актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 25 ҩык ыҟоуп, лҳәеит Сарсаниаԥҳа. 33 ҩык Аҟәа араион аҵаҩцәа ареспубликатә аолимпиада рхы аладырхәит. Зынӡа араион аҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара сынтәа 468 ҩык ыҟоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.