Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Шьамтәыла атәылауаҩ ауаҩы дишьит ҳәа ахара иднаҵеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Шьамтәыла атәылауаҩ Амер Халил ауаҩы дишьит ҳәа ихара шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Аӡбарҭатә психологиа-психиатриатә експертиза азгәаҭала, Халил ипсихика шьақәҟьоуп ихшыбаҩ аорганикатә чмазара ахьамоу азы. Уи иҟаиҵо изеилкааӡомызт. Ихазгьы иааигәа иҟоу рызгьы оумакала дшәарҭоуп. Халил мчыла иҽихәышәтәразы Ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭахь днашьҭуп.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Амер Халил ижәны игәылаԥҳәыс, Урыстәыла атәылауаҩ Ольга Лиутова длеисит, хыԥхьаӡара рацәала, 87-нтә аҳәызба лылеиҵеит, илоуз ахәрақәа ирыхҟьаны лара лыԥсҭазаара далҵит.