Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҟәа аӡцрыҵмҩангагақәа рҭагылазаашьеи Ешыра аӡцрыҵрыцқьарҭа аусуреи

Sputnik
Изеиԥшрои иааидкыланы аҳҭнықалақь аҟны аӡыцрыҵмҩангагақәарҭагылазаашьа, ррыцқьара иацу аԥҟарақәа, зхыԥхьаӡара иацло асасааираҭақәа, аҩнқәа ари аус ишазнеиуа, амшыни аԥсабареи иахьа иҟоу аҭагылазаашьа анырра арҭома? Арҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит, иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагара рҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәатәи"Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаби, "Аӡыканал" иатәу Ешыра ақыҭан иҟоу аӡыцрыҵ рыцқьарҭақәа ркомплекс аиҳабы Мирон Чачхалиеи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь