Арадио

Амҷба ашәеилаҵара иазкны: уажәшьҭа ауаа идҳарҵартә еиԥш аԥышәа ҳауит

Sputnik
Аҟәа акультура-аусутә ҭыԥ Гәыма еиҿкаан анаплакҩцәа раалыҵқәа риармарка. Ашәқәа еилазҵо анхаҩы Мадонна Амҷба арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, лус лнапы шалылкыз, аахәаҩцәа ирыдыргало ахкқәа рахьынтә зегьы реиҳа бзиа еицырбо, насгьы арахә шырааӡо атәы.
Мадонна иазгәалҭоит, ашәхкқәа рахьынтә аԥсуа шәқәа зегьы ишраԥхьагылоу, убри аан аҭахра змоу аалҵны ишыҟоу. Анхаҩы лаалыҵ аџьармыкьахь иналгом, лыҩны дшыҟоу илҭиуеит. Зны-зынла аиармаркақәа раахь ааԥхьара анрырҭо Аҟәа лышәқәа ӡырылгоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.