Арадио

Қаԥшь аекскурсиақәа рымҩаԥгаразы: хаҭалатәи атурқәа еиҳа аҿиара роуит

Амилаҭтә туристтә еиҿкаара аекскурсиақәа рымҩаԥгаҩ Алхас Қаԥшь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари ахырхарҭаҿы иҟоу аиҭакрақәа, аԥсшьаҩцәа иалырхуа атурқәа, насгьы амаршрут ҿыцқәа шалыркаауа ртәы.
Sputnik
Ашықәс зегьы асасцәа рыдкылара амҩа ҳануп, аԥхын аамҭа мацара акәымкәа, асезон абжьарагьы Аԥсны иаҭаауа рацәахеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Қаԥшь.
"Итрадициатәхаз аныҟәаратә маршрутқәа ахаангьы аинтерес рцәыӡӡом, аха еицаҳдыруа амаршрутқәа рыдагьы ҷыдалатәи ахырхарҭақәа реиҿкааразы азыҳәақәа ҳамоуп. Имаҷу агәыԥқәа хаҭалатәи ныҟәарақәа рзеиҿкааует дара рҭахра иақәыршәаны. Иахьа ҳара ҳазыхиазароуп асас идаҳгало адагьы, иара игәаԥхара иақәшәо ахырхарҭақәа реиҿкаара", - ҳәа азгәеиҭеит Қаԥшь.
Иара иажәақәа рыла Аԥсны афототурқәа аҿиара бзиа рымоуп.
"Цандрыԥшь ахаҳә шкәакәақәа ахьышьҭоу аҟара азҿлымҳара ду амоуп. Амра анҭашәои иангылои азы ҷыдала уахь ицоит. Ҳашԥсытәи аҩхаахь аҭагылаазашьа аныҟоу ицо рацәаҩуп. Гагра изхәаԥшуа роуп архитектуратә баҟақәа, ашьха иаҿагылоу аханқәа зегьы азҿлымҳара рымоуп. Аԥсабаратә тыԥқәа ракәзар, Анаҟәаԥиа лассы-лассы имҩаԥыргоит афототурқәа. Аҟәатәи ашьхарԥа, Бедиатәи ауахәама уҳәа, аиндивидуалтә ҟазшьа змоу аныҟәарақәа аԥыжәара ргоит", - иҳәеит Қаԥшь.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.