Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа еиҭеиҳәеит иаарту аинститут азы аҵарашықәс зеиԥшраз

Sputnik
Аҟәатәи иаарту аинститут аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik еиҭеиҳәеит сынтәатәи аушьҭымҭацәа рҵара шыхдыркәшои, аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рцашьеи, насгьы иарбан хырхарҭақәоу аҵараиурҭа иҭалоу аԥыжәара зырҭои ртәы.
Есышықәса бжьаратәла аҵараиурҭа иалгоит 100-ҩык рҟынӡа ҳәа иҳәеит Кәарҷиа. Аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа раан акомиссиа иалахәылоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟынтә аусдырҩцәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.