АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. 200 инареиҳаны амедицинатә хыбрақәа ргылан, мамзаргьы еиҭашьақәыргылан урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рыҟны ҳәа иҳәеит Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны РИА Новости аинтервиу азҭаз Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
"Аинфраструктура аганахь ала аиҭакрақәа: урыстәылатәи арегион ҿыцқәа рыҟны еиҭашьақәыргылоуи иргылоуи амедицинатә хыбрақәа 200 инареиҳауп, даҽа 110 азгәаҭоуп 2024 шықәсазы", - ҳәа иҳәеит иара.
Мурашко иҳәеит ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожиетәии областқәеи рыҟны амаруга ҿыцқәа шықәдыргыло кьыбачымазареи агәчымазареи рыхәшәтәразы.
Арегион ҿыцқәа Урыстәыла алаларазы ареферендум мҩаԥган 2022 шықәса цәыббра 23-27 рзы.