Акәаскьа ақыҭан инхо Мимоза Хәырхәмалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, аџьахьы абзиабара ақыҭаҿы анхаразы зегьы ишрыцку, аҳауатә ҭагылазаашьа аҽеиҭакра ауҭраҭыхи ашәырааӡареи ишырныԥшуа, Акәаскьа анхацәа ирымоу аидгылара атәы, насгьы ауаа рхы ишахәо атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.