Арадио

Наҷҟьебиа Гәылрыԥшь араион аҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьа аԥыхразы: анхацәа ҳрывагылоуп

Гәылрыԥшь араион анхамҩатә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Наҷҟьебиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, амшцәгьа ирнаҭаз аԥхасҭа аԥыхразы ицо аусурақәа ртәы, аӡы зыҵалаз анхаҩцәа ишрыцхраауа.
Sputnik
Ақыҭақәа Баӷмарани Мархьаули Каштак аҳаблаеи рҿы рашәара 8 руха илеиз ақәа ӷәӷәа иахҟьаны аӡқәа хыҵны аҩнқәа ирыҩналеит. Араион анхамҩатә усбарҭақәа аӡы иаанагаз анышәаԥшьи ахаҳәи рықәгара иаҿуп.
"Аусурақәа иахьагьы ицоит. 10-15 ҭӡы арыцҳара иақәшәеит. Актәи аихагылаҿы иҟаз аҩнымаҭәа зегьы аӡы рыҵалеит. Аҳәынҵәа ҩнанагалеит. Ауаа рҩнқәа дрыцқьоит, ҳаргьы ҳусуҩцәа урҭ ирывагылоуп. Аӡы иаанагаз аҳәынҵәа арыцқьара ҳаҿуп. Аԥхасҭа ду ҟалеит Каштак, аӡцарҭақәа зегьы абӷанҷ, анышәаԥшь ирҭанагалаз ҳрыцқьоит, аӡы царцаз. Араион аҿы ицон аусурақәа ахаҿра арԥшӡаразы, иаауа аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы, аха амшцәгьа иаҳнамҭеит", - ҳәа иҳәеит Наҷҟьебиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.