АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. БРИКС ахәмаррақәа раартра иазку аусмҩаԥгатә Аԥсны ала иалагеит.
Ҳбираҟ шьҭыхны зегь раԥхьа дцәырҵит зыхьӡ легендоу ашьапылампыласҩы Ахрик Цәеиба.
Аԥсуа спортсменцәа 62-а 13 аспорт хкқәа рҿы иқәгылоит: абокс, ашахмат, адзиудо, акарате, афиџьитал-мҵәышәмпыли ашьапылампыли, асамбо, аишәаԥкьаҭымпыл, атлетика ласы, аԥкьаҭмпыл, зых иақәиҭу аиқәԥареи абырзен-аурым еиқәԥареи, ушу, маҟаҭарс аиқәԥара.