Аԥсны

Гәынба имҩаԥигеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара шцо иазку аилатәара

Sputnik
АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаҕәаза ашьақәыргылараз аусурақәа цоит аамҭа аихшанҵа инақәыршәаҵәҟьаны.
Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаԥигеит Аенергетика аминистри, АҶА, АШәМ рхадацәеи аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәеи алархәны.
Уажәы аргылараҟны имҩаԥысуеит:
аперрон хыхь иқәырҭәаз ақәҵа ақәгарақәа,
аҵԥраара-атәаратә цәаҳәаҟны иамыҷҷаз аиҭашьақәыргылара,
еиҿҟьаз аиԥшьырҭақәа рычаԥара,
хыхьтәи ақәырҭәа аиҭашьақәыргылара.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Аԥсны аиҳабыреи аилахәыра "Инфраструктурное Развитиеи" 2023 шықәса жьҭаара 27 рзы. Аргылара ахархәарахь ирыҭахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.