Аԥснытәи аҳаԥҭҵааҩцәа рыклуб аиҳабы Алхас Смыр арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, шықәсык аԥхьа иаԥҵаз аклуб инаныгӡо аусура атәы, уи иаднаԥхьалаз аҿар рҵара аус шцо, рԥышәа шеиздырҳауа, насгьы аурыс рколлегацәеи дареи аԥхын аамҭазы иазгәаҭан ирымоу аҭҵаарақәа ртәы.
Аҳаԥ хәыҷқәа рҿоуп ҳара аус ахьаҳуа, аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥаҳго, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Смыр.
Аклуб шықәсык аус ауеит, уи аушьҭымҭацәа уажәы аԥышәарақәа мҩаԥыргоит, урҭ ишаархыслак аклуб ахь иахыԥхьаӡалахоит, иҳәеит Алхас.
"Уахынланы аҳаԥаҿы аангылара маншәаланы иаҳхаҳгеит, уажәы аҳаԥқәа рҿы ахалара албаара рзы аԥышәарақәа рҽазыҟарҵоит. Иаарласны Гәымсҭа иҟоу аҳаԥы ҳҭаларан ҳаҟоуп. Аӡиас хәыҷык амоуп, иара хәыҷуп, аха имариаӡам аҭалара. Рхымҩаԥгашьа сахәаԥшуеит, рҭалашьа- рҭыҵшьа, убригьы ԥышәарак ҳәа иҳаԥхьаӡоит", - иҳәеит Смыр.
Аклуб аҿы аҵара зҵо ашкол аушьҭымҭацәеи, аҵараиурҭа ирҭоу роуп, дара аа-ҩык ыҟоуп.
Смыр еиҭеиҳәеит, сынтәа урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еицазгәаҭан ирымоу аҭҵааратә усура атәы, нагсыь иара иҳәеит игәаанагара, ҿыц иаадыртуа аҳаԥқәа аԥсуа хьыӡқәа рыҭаразы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.