Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: БРИКС ахәмаррақәа ирыцу агәалаҟара иазкны

БРИКС ахәмаррақәа рҟнытәи ишиашоу ицо аефирқәа рымҩаԥгаҩ Алхас Манаргиеи, аицлабрақәа рыхҳәааҟаҵаҩы Лаша Коӷониеи, иара убас аҭыԥан ҳаспортсменцәа адгылара рызҭо Саида Матуеи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит ахәмаррақәа ирыцу агәалаҟара атәы.
Sputnik
Казан имҩаԥысуа БРИКС ахәмаррақәа рҿы Аԥсны ықәгылоит 13 спорт хкы рыла, иалахәуп 63-ҩык ҳаспортсменцәа.
Саид Матуа аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә комитет Казан ацаразы имҩаԥнагоз ахәмарра даиааит. Иара хә-билетк рахьынтә ҩба инапаҟны иҟалеит. Саид еиҭеиҳәеит, атыԥан агәалаҟара зеиԥшроу, ҳаспортсментцәа адгылара шрырҭо атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.