Алиса Инаԥшьԥҳа илҳәеит, иахьатәи амш азы ҳаспортсменцәа рхы шаадырԥшыз, иахьрақәымҿиаз, насгьы, уаҵәтәи амш азы ргәыӷрақәа ззыдҳәалоу аспортхкқәа.
"Изықәымҿиаз ҳаспортсменцәа азнаказы ргәы каҳауеит. Ҳара атрибунақәа рҟынтә рыхьыӡқәа анаҳҳәоз ҳала ихыԥшылар рҭахӡамызт, убри аҟара ргәы кажьны иҟан, аха ари спортуп, зегьы еилыркаауеит. Ҳгәы каҳмыжьроуп. Сара сгәыӷуеит еиҭа ирацәаны аихьӡарақәа ҳауеит, аиааирақәа", - ҳәа лҳәеит Инаԥшьԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, хаспортсменцәа аҭакԥхықәра ирыду даара ишырныруа, ргәаҟынӡа ишнарго. Дара рхы иацклаԥшуеит, ианаҭаху рҽазыҟарҵоит, ишьҭалоит, акрырфоит, аха рхы-ргәы иҭоу рныруеит, лҳәеит Алиса.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.