Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵоижьҭеи 32 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵоижьҭеи 32 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит. Ахада инаҵшьны иҳәеит 1992 шықәса рашәарамза 15 рзы аҳәынҭқарра ашәарҭадара зырӷәӷәо ашьаҭа шҳаз.
"Есыҽны шәусбарҭа ахатә еилазаара ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа ианрықәшәо, агәымшәареи агәаӷьреи аадырԥшуеит. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзураҿы аусура иаҭахуп оперативла, гхак ҟамҵакәа иҟалар зылшо ашәарҭарақәа ралмыршаразы раԥхьа иқәыргылоу адҵақәа рынагӡара", — ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит зԥышәа еиҵагыло аҿар рзы иҿырԥшыгахаз амаҵзура аџьабаа адызбалахьоу аветеранцәа.