Аԥсны

Аҟәеи Гәдоуҭеи реихамҩаангыларҭақәа рҿы аусурақәа анхыркәшахо еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Цәыббрамзанӡа Аҟәатәи аихамҩаангыларҭаҿы ахыби аԥенџьырқәеи рыԥсахуеит, иара убас Гәдоуҭатәи аихамҩаангыларҭа адәахьтәи аҭыӡқәа ршәуеит, абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иҳәеит Аԥсны аихамҩақәа рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Сынтәа аилахәыра "Аԥсны аихамҩақәа" очамчыратәи абаӷәаза иахьаҵанакуа 350 метра аихамҩа шьҭарҵеит. Аусурақәа ҩымз раҟара ицон. Ари иабзоураны аидарамҩангарақәа рымҽхак ҭбаахоит.
Аҟәатәи аихамҩаангыларҭа, Аԥсны егьырҭ аангыларҭақәа реиҳарак реиԥш, асовет аамҭазы иргылан. Иаартын 1951 шықәса рзы. Апроект ҟарҵеит Левани Лолеи Мушкудиани.
Гәдоуҭатәи аихамҩаангыларҭа ахыбра ахархәарахь ирыҭан 1944 шықәсазы, Аџьынџьтәтылатә еибашьра Дуӡӡа аан. Авокзал "сталинтәи ампир" ала инагӡоуп, агәашьа дуқәа аҵаргәоуп, аргьагьақәеи авитражқәеи амоуп.