Ақалақь хәыҷқәа аԥхын аԥсшьарамшқәа раан ақыҭақәа рахь ицалоит рандуцәа, рабдуцәа рышҟа. Ақыҭа иадҳәалам ракәзар иҟоуп Џьырхәа ахатәы ҩнаҟны еиҿкаау ахәыҷтәы лагер "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" алызхуа . Уи аԥхын аус ауеижьҭеи уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит. Сынтәа ашколхәыҷқәа рыдкылара ианалаго, урҭ рыԥсшьара шеиҿкаахо, аԥсуа қыҭа абзазашьа агьама дыркреи рагәылархалареи рзы иазгәарҭо атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Џьырхәа зыҩны ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагер еиҿкааны измоу аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Гәында Еныкьԥҳа-Габниа.
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы лагер "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" сынтәа аусура иалагоит рашәара 24 рзы. Уи аҟны аангылара аӡәы изы уахыки - ҽнаки 2000 мааҭ иаԥсоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.