Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аҭоурыхҭҵааҩ "60-ҩык рышәҟәы" иазкны

Рашәара 17, 1988 шықәса рзы иҩын аԥсуа шәҟәы XIX Апартконференциа иазырхаз, иара даҽакала "60-ҩык рышәҟәы" ҳәа иашьҭоуп. Ари ахҭыс Аԥсны аҭоурых аҿы иаанакыло аҭыԥи, насгьы ҵакыс иамази ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа.
Sputnik
1988 шықәса рзы Аԥсны Асовет ҳәынҭқарра хаз игоу республиканы ишалазгьы аԥсуааи ақырҭуааи рыбжьара лассы-лассы аиҿагыларақәа мҩаԥысуан. Уажәы-уажәы аԥсуаа рхатә ԥсадгьыл ишаԥшәымоу шьақәдырӷәӷәалар акәын. Убас иит 60-ҩык аԥсуа интеллигенциа рнапы зҵарыҩыз ашәҟәы. Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит усҟан Аԥсны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы, иара убас XIX Апартконференциахь ишьҭыз ашәҟәаҿы иарбаз афактқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.