АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаа ԥшьҩык ԥхьатәара ишьҭит: Николаи Панков, Руслан Цаликов, Татиана Шевцова, Павел Попов.
Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс даҭоуп Леонид Горнин, ихаҭыԥуаас — Анна Цивилева, Павел Фрадков.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит аминистр ихаҭыԥуаа напынҵақәас инарыгӡо ртәы:
аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Леонид Горнин Арбџьармчқәа аԥаразоужьра азҵаарақәа инапы ианызаауеит.
Павел Фрадков амазаразы аусбарҭеи, аргыларақәеи, адгьылтә ресурсқәеи хылаԥшра риҭалоит.
Анна Цивилева — аруаа рсоциалтә ҭагылазаашьеи рынхарҭатә зҵаарақәеи.
Владимир Путин Иусԥҟа инақәыршәаны Урыстәыла атәылахьчара аминистр 12-ҩык ахаҭыԥуаа имазар илшоит, урҭ рахьтә актәиқәа — ҩыџьа.