Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қарчаа БРИКС ахәмаррақәа рыҩаӡара ҳаракы иазкны

Sputnik
Аԥқьаҭасҩы Ренат Қарчаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, БРИКС ахәмаррақәа рҿы иҟоу агәалаҟара атәы, егьырҭ атәылақәа рҟынтә аспортсменцәеи дареи шеибадыруа, Аԥсны шӡырырго, насгьы дазааҭгылеит аицлабрақәа рыҩаӡара.
"Ҳзеиндаҭлоз аспортсменцәа рыҩаӡара даара иҳаракын, аха ҳаргьы ҳхы цәгьамкәа иааҳарԥшит. Уи азгәеиҭон Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ", - иҳәеит ицәажәараҿы Қарчаа. Иара убри адагьы, дзыцыхәмаруаз Бразилиантә аспортсмен ахәмарра ашьҭахь аиҭагаҩ диманы дааины, Аԥсны иазкны азҵаарақәа иҭиуан, саргьы гәаартыла зегьы изеиҭасҳәеит, ҳформақәагьы еиҭнаҳаԥсахлеит, иҳәеит Ренат.
"Ас еиԥш ахәамаррақәа рҿы ҳара ҳақәымгылацызт. Аспортсмен изы даара акырзҵазкуа роуп. Убираҟ, угимн арҳәаны уанықәгыло, даара акраҵанакуеит. Еиҳау ахәмаррақәа сара макьана исмоуцт", – ҳәа азгәеиҭеит Қарчаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.