Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лазԥҳаи Амҷыԥҳаи ашколтә ԥсҭазаара ирзацу агәыбылра иазкны

Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол ахьтәы медалла иалгаз Адилиа Лазԥҳаи, Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол аушьҭымҭа Аманда Амҷыԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит рышколтә ԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа ртәы.
Sputnik
Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа иарҭеит аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа. Шьоукы иреиҳау аҵараиурҭа иҭалахьеит, даҽа шьоукых раԥхьаҟа ишьҭоуп еиҭа аԥышәарақәа. Изеиԥшрааз Адилиа Лазԥҳаи Аманда Амҷыԥҳаи рзы ашколтә ԥсҭазаара, иарбан маҭәарқәоу еиҳа ирыцааиуаз, рхаҿы ишԥаанхо ари аамҭа ахҵәаха, насгьы, иарбан мҩоу иалырхыз, абри атәы иазааҭгылеит Sputnik аефир аҿы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.