Аԥсны

Аҟәа Апрокуратура агәаҭарақәа мҩаԥнагоит иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәаразы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аҟәа Апрокуратура ашьаусԥшааранӡатә гәаҭарақәа мҩаԥнагоит иаанкылаз ауаҩы иганахьала амч ахархәареи амилициа аусзуҩцәа рмаҵуратә зинмчқәа рхыҳәҳәареи афакт ала.
Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ашьаус ахацыркразы аӡбамҭа рыдыркылоит.
Асоциалтә ҳақәа рҿы иаладырҵәеит амилициа аусзуҩ иоуп ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҿы егьырҭ аусзуҩцәа рыла ишабо хаҵак ипҟара дшаҿу зну авидео.
Аԥсны АҩАР ахатә шәарҭадара аусбарҭа амаҵуратә усҭҵаара мҩаԥнагеит — Аҟәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа актәи аҟәша аусзуҩ аусура дамхуп, егьырҭ аԥара дыршәоуп. Аҟәша аиҳабы алеишәатә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп.