Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: аԥсуа спортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа рҿы рықәгыларақәа ирызкны

Sputnik
Аԥсуа спортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа рҟны рықәгыларақәа, реиндаҭларақәа рылҵшәақәа, ас еиԥш Жәларбжьаратәи аицлабра ралахәхара аҵакы арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны иалацәажәеит Казан имҩаԥысуа аспорттә еиндаҭларақәа рӷьырак зыблала избаз ажурналист, аспорт ахҳәааҟаҵаҩ Мадина Бганԥҳаи, ажурналист, Аԥсуа радио адиректор, аспорт ахҳәааҟаҵаҩ Адгәыр Гәынбеи, убасгьы аицәажәара ахәҭак ҭелла ихы алаирхәит арҭ амшқәа рзы Казан иҟоу Аԥсны аолимпиатә еилакы ахантәаҩы Валери Аршба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.