Сынтәа ҳаарахра бзиоуп, уажәы аҩынтә раан аҽаҩра аингалара ҳаҿуп, иҳәеит Леԥсаиа ицәажәараан.
"Апатырџьан ажәла ҳаԥсахит. Уажәтәи аҩнтәи еиԥш агьама амоуп. Иара ажәла убас иҟоуп. Ианыҟала нахыс ҩымз-хымз ауп иахьыҟоу, нас иқәҵуеит. Уаанӡа иҟарҵоз 7-8 мзы иҿырхуан, агьамагьы усҟак иҽеимызт. Иара ушахылаԥшуа еиԥш ауп аҽаҩрагьы шунаҭо, акы аагхар, аҽунардыруеит. Шьапык быжьба-ааба кьыла унаҭоит", - иҳәеит Леԥсаиа.
Иааидкыланы афирма ԥшь-гектарк рҿы апатырџьан аадрыхуеит. Мышкы иалагӡаны гектарк роуп иҿырхуа. Ԥыхьа аҽаҩра зегьы Урыстәылаҟа иргон. Уажәы еиҳарак аҭыԥан ирҭиуеит. Асезон иалагӡаны 700-800 тонна рҟынӡа иҭаргалоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.