Аԥсны

Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аҳаҭыртә ҟарул арота аԥҵоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аҳаҭыртә ҟарул арота аԥҵоуп амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар идҵала.
"Аҳаҭыртә ҟарул аҳәынҭқарра ахада ивагыланы аҳәаанырцәтәи асасцәа ирԥылоит, иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны имҩаԥысуа аҳәынҭқаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Дмитри Дбар, аелитатә ҟәша ангәеиҭоз.
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аԥҵан рашәара 15 1992 шықәса рзы.