Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷанба жәлар рмузыка ароль амилаҭтә хдырра арҿиараҟны

Sputnik
Акультура–усутә ҭыԥ "Гәыма" аҟны ихацыркуп апроект "Акультуратә марафон". Ааигәа уи аҳәаақәа ирҭагӡаны алекциа даԥхьеит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, апрофессор Нодар Ҷанба. Иара дыззааҭгылаз теман "Аԥсуа милаҭтә музыка ҳаамҭазтәи адунеи аҟны". Арадио Sputnik аефир аҟны Нодар Ҷанба иҳәеит ас еиԥш азҵаара ацәыргара, алацәажәара ҳаамҭазы иахьынӡахадоу атәы, амилаҭтә музыка иахьатәи аҭагылазаашьа, уи ацәаҩа ахьчара, аиқәырхара заҭаху.
"Ҳара иаҳхароу иахьа аестрадатә музыка зыҩуа, аклассикатә музыка зыҩуа, амассатә информациатә хархәагақәа рҟынтәи ауаа ирацәажәо даараӡа ибзианы иаҳдыруазароуп аԥсуа бызшәа, аԥсуа мелодиа аиҿартәашьа, ишыҟамло, иахьа ирацәаны иуԥыло, иахьаҭахым ақәыӷәӷәарақәа ҳанцәажәо, амузыка анаԥаҳҵо, еиҳарак аестрадатә", - иҳәеит Ҷанба.
Акомпозитор ицәажәараҿы, болгариатәи аҵарауаа рыҭҵаара шьаҭас иҟаҵаны, иҳәеит жәлар рмузыка 65 процент еиҵаны ираҳауазар ауаа, амилаҭтә хдырра ланарҟәуеит ҳәа шыԥхьаӡоу.
"Ашколқәа рҟны аԥсуа жәлар рмузыка, рашәақәа рҵароуп, аԥсуа музыкатә инструментқәа адырҳәароуп. Абас ауп аҳәынҭқарра шыҟарҵо, амилаҭтә хдырра шырҿиахо",- ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.