Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи арбџьармчқәа Севастополь алахысраан хҩыуаа ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 Sputnik. Украинатәи арбџьармчқәа Севастополь иалахысит, хҩыуаа ҭахеит, 100-ҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Абри атәы Telegram аҟны ианиҵеит Севастополь агубернатор Михаил Развожаев.
"Иҭахаз рхыԥхьаӡара хҩыуаа рҟынӡа инаӡеит, ҳара иҳацәҭахеит ҩыџьа ахәыҷқәеи адуцәа аӡәи. Анцәахаҵара зцәыӡыз киевтәи арежим ацәгьоуцәа аҽнышьыбжьон џьаԥҳаныла еибыҭоу абаллистикатә ракетала Севастополь иалахысит. Ахәрақәа зауз 100-ҩык рҟынӡа инаӡоит", - иҳәеит иара.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟны ишеилкаахаз ала, Американтәи иаашьҭу аракета ATACMS ала ақалақь иалахысит. Хәба рахьынтәи ԥшьба ҭархан, аха акы Аҳаиртә хыхьчара аныррала ирыцәцеит, ақалақь иалаԥжәеит.