Арадио

Џьыкырԥҳа аибашьра Ду иалахәыз Мгәыӡырхәаа рҵеицәа рзы: аҭаацәарақәа рҭоурых рзеиқәмырхеит

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Мгәыӡырхәаа рҵеицәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Ицәыргахо афотосахьақәа реидкыла шалыршахази, ари аус иацыз ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Мгәыӡырхәа ақыҭа иалҵны еибашьра ицаз рзы аинформациа аизгара иалагахьан 2020 шықәсазы Леиба Валери, Агрба Беслан, Гәымба Саид ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьыкырԥҳа.
"Абаржәы еидкылоуп 210-ҩык рфотосахьақәеи рнысымҩақәеи. Урҭ рнаҩс еиҭа 25-ҩык рнысымҩа ԥшаауп асаит "Победа" иабзоураны, аха рфотосахьақәа ыҟаӡам. Абжа еиҭабжоуп зфотосахьақәа нхаз. Аибашьцәа рҭоурыхқәа рзеиқәмырхаӡеит аҭәаацәарақәа. Уи рыцҳара дууп", - ҳәа лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.