Аԥсны

Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидышшылеит Даӷьсҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы

Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидышшылеит Даӷьсҭан иҟалаз арыцҳара инамаданы.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра атерроризм иарбан формазаалак иақәыӡбоит, Даӷьсҭан Ареспублика ауааԥсыра ирыдышшылоит", — иҳәеит ахада. 
Рашәара 23 рзы Даӷьсҭан атерактқәа ҟалеит, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 19-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 15-ҩык — аполициа аусзуҩцәа роуп.