Аԥсны

"Ԥсоу" аҳәааҟны иҟалаз аиҿахысра иалахәыз ҳәа агәҩара ззыҟоу ԥшьҩык аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны иҟалаз аиҿахысра иалахәыз ҳәа агәҩара ззыҟоу ԥшьҩык аанкылоуп, даҽа хҩык макьана ирышьҭоуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Иара иазгәеиҭеит руаӡәк Урыстәыла аҵакыраҿы дшаанкылаз, хҩык — Аԥсны, урҭ рхаҭарақәа зегьы шьақәыргылоуп.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иҟалаз ахысра иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит. Аимак роуит ҩыџьа Аԥсны атәылауаа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәгьа зуз рхаҭарақәа шьақәдыргылеит. Иахәҭоу аусқәа зегь нарыгӡоит иаанкылан ақәнага рақәыршәаразы. Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" абжьааԥнеиԥш аус ауеит.