Арадио

Аскульптор Асовет Еидгыла Афырхаҵа Варлам Габлиа ибаҟазы: гьама ҳаракыла иҟалар сҭахуп

Sputnik
Очамчыра аԥшаҳәаҟны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазку абаҟаҿы иқәыргылахоит Асовет Еидгыла Афырхаҵа Варлам Габлиа ибиуст. 1,1 метра ишьҭыху абаҟа ықәыргылахоит 1,8 метра агылара змоу апостамент аҟны. Апроект аус адырулоит аскульпторцәа Амиран Адлеибеи Руслан Габлиеи.
Арадио Sputnik аефир аҟны ицәажәараҿы Руслан Габлиа агәыӷра ааирԥшит абаҟа ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшаны, иазгәаҭоу аҭыԥ аҟны ишьақәыргылахап ҳәа.
"Варлам ихаҿсахьагьы, ихҭырԥагьы, иаԥсуа маҭәагьы даара иԥшӡаны иҟалар сҭахуп, еиҿкааны, гьама ҳаракык аманы иҟалар. Аус адулара ҳаҿуп даара гәыкала. Ари шықәсык иназынаԥшуа аус адаҳулоит. Даара сгәыӷуеит, иара убасгьы аԥыза-министр ҳаиԥылараан агәыра исыргон ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа абри (Варлам Габлиа ибаҟа-азгәаҭа) аҭыԥаҿы иҟалап ҳәа. Ҩымз аҭахуп аформа агипс ахь аиагаразы, нас ацәахьы ииаргоит, уи ашьҭахь аџьаз ахь ииаргоит", - иҳәеит Габлиа.
Асовет Еидгыла Афырхаҵа Варлам Габлиа диит абҵара 12, 1902 шықәсазы Тамшь ақыҭан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашықәсқәа рзы раԥхьа аминаршәҩыс дыҟан, анаҩс аминаршәгатә гәыԥ напхгара аиҭон. Деибашьуан Кавказ нхыҵи аахыҵи, ахԥатәии аԥшьбатәи Украинатәи афронтқәа рҟны.1951 шықәса инаркны дынхон Очамчыра ақалақь аҟны. Иԥсҭазаара далҵит 1982 шықәсазы.