Урыстәыла

Севастополь аахақәа зауз рҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит Мурашко

УкрАМ ракетала амҽышаҽны Севастополь иажәлеит. Иҭахеит ԥшьҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 150-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. УкрАМ ракетала Севастополь ианажәла аахақәа зауз 77-ҩык ауааԥсыра астационартә хәышәтәра иахысуеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа шьаҭас иганы.
14-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, 22-ы Москваҟа инагоуп, урҭ рҟынтәи 12-ҩык хәыҷқәоуп.
УкрАМ ракетала амҽышаҽны Севастополь иажәлеит. Иҭахеит ԥшьҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 150-ҩык.