Аԥсны

Ажәытәи аҿатәи еимадатәуп: Дамениа иахьатәи аҵарадырразы

Sputnik
"Аҵарадырра – ахаҭареи ауаажәларреи рышьақәгылара афактор аҳасабала" захьӡу астол гьежь мҩаԥнагеит Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр. Аҵарауаа инарҭбааны иалацәажәеит аҵарадырра аҵаки, уи аҩаӡареи, аҳәынҭқарра аҿиара ишаныԥшуа, ауаажәларра рзы уи ҵакыс иамоу. Арадио Sputnik астудиаҿы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа дазааҭгылеит аусмҩаԥгатә аҿы излацәажәоз атәы. Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.