Аԥсны

Пицунда иҟалаз амҩатә машәыр аан ауаҩԥсы дҭахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Пицунда иҟалаз амҩатә машәыр аан ауаҩԥсы дҭахеит.                    
Ахҭыс ҟалеит рашәара 25 ауха ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Пицундатәи ахәышәтәырҭаҟны.                     
21 шықәса зхыҵуаз, амашьына аԥсҟы зкыз арныҟәцаҩ Алаҳаӡы ақыҭаҿы аҵла дасит. Иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.